Аԥснытәи аделегациа афорум "Иаарту аинновациақәа" иаҭааит

Москва, жьҭаара 15-17 рзы имҩаԥысуан адунеи атәылақәа зегь рҟынтәи 20 000-ҩык рҟынӡа злахәыз жәларбжьаратәи афорум.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистрра аҽаланархәит Сколково имҩаԥысуаз афорум "Иаарту аинновациақәа". Абри атәы аанацҳауеит аминистрра асаит.

Сынтәа афорум "Иаарту аинновациақәа" азкын ацифратә економика апроблема азҵаарақәа. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ҭарба.

Иара афорум атехнологиа ҿыцқәа рзы аинформациа уоур ахьалшо иреиӷьу ҭыԥуп ҳәа азгәеиҭеит.

Аекономика аминистрра: жәеизаҩык ҭыԥк азы еиндаҭлоит

Афорум хымш имҩаԥысуан, х-блокк рыла еиҿкаан: акадрқәеи аҵарадырреи; абизнеси аҳәынҭқарреи; аҭҵаарадырреи атехнологиақәеи. Аԥснытәи аделегациа аҭааит астол гьежь "Цифры во главе государства. Цифровизация государственного управления". Аекономика аминистрра азиндырратә ҟәша аиҳабы Саид Гәылариа иажәақәа рыла, ара Аԥсназы актуалра зҵаз азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәан.

"Иазгәаҭатәуп Аԥсны аекономика аминистрра аус зыднаулахьаз, излацәажәахьаз атемақәа абри астол гьежь аҟнгьы ишалацәажәоз", — иҳәеит иара.

Есышықәсатәи афорум "Иаарту аинновациақәа" мҩаԥысуеит Москва 2012 шықәса раахыс, Урыстәыла аиҳабыра рнапхгарала.

2018 шықәса рзы афорум адунеи атәылақәа зегь рҟынтәи 20 000-ҩык рҟынӡа алахәын.