Арадио

Логәуа: амилаҭқәа еихаҳаны ԥхьаҟа иргоит рҵасқәа, ҳара ҳҿы ус еиԥш иҟам

Анкьа ачарақәа шԥамҩаԥыргоз, аҭаца дышԥааргоз, еиқәырхома иахьазы аҵасқәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны афеир аҟны еиҭеиҳәеит ААУ аҟазара аҟәша аиҳабы, асахьаҭыхҩы Ныгәзар Логәуа.
Sputnik

"Ачарақәа иахьа акырӡа рҽырыԥсахит. Амилаҭқәа зегьы еихаҳаны ԥхьаҟа иргоит рмилаҭтә ҵасқәа, ҳара ҳҿы ус еиԥш иҟам. Са схаан аҭаца дааргон уахынла, ачара руан уахынла, уи зыҟарҵоз ҿыц аҭаацәара аԥызҵоз алаԥш цәгьа рымкырцаз ауп. Аҭацаагацәа рышьҭуан, аҭацагьы ҽыла дааргон, уи даара иԥшӡан. Ҳәарада, аҭаацәараҿы ирдыруан рыӡӷаб хаҵа дышцоз, уи еиқәышаҳаҭны иҟарҵон. Аӡӷаби аҷкәыни еигәаԥхеибашьазаргьы аус ҟазҵоз ацәажәаҩцәа хазы иҟан.  Аҭаацәа алалара аҵак ду аман", — ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.