Арадио

Ҷкотуа: зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арепатриант ҳәа изҳәара ииашам

Иҟаҵатәузеи арепатриант ҳсоциалтә ԥсҭазаара далаҵәарц азы? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ауаажәларратә усзуҩы Октаи Ҷкотуа.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ҷкотуа арепатриациа азҵаара иазкны

"Арепатриант ажәа аханатә сгәы иақәымшәаӡеит. Зныкгьы срепатриантуп ҳәа сымҳәаӡеит. Аԥсуа дахьыҟазаалакгьы даԥсыуоуп. Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәызгьы дтәылауаҩуп зегьы реиԥш. Арепатриант даҽа хьӡык иҭаны ихцәажәара сара ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡом. Усҟан Жәлар реизараҿы "арепатриацаизы" азакәан анҳадаҳкылоз Урыстәылантәи ишааз еиԥш иҳадыҳкылеит, усҟан саргьы сыҟан Апарламент аҿы. Уи ауп еиҳаракгьы изхароу ари ажәа аларҵәара ахьаиуз", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.