Арадио

Ҳаџьымба Гәдоуҭатәи амузеи иазкны: ҳҿар зааӡо, ҳҳәынҭқарра еиҵызхуа акоуп

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рнаҩс жьҭаара 20 аҽны, Гәдоуҭа иаартын Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи. Изыҳауа абиԥарақәа рзы ас еиԥш иҟоу амузеи аартра аҵакы дазааҭгылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Sputnik
Ҳаџьымба: Гәдоуҭатәи амузеи ҳҿар зааӡо, ҳҳәынҭқарра еиҵызхуа акакәны сахәаԥшәуеит

"Амузеи аҿы ицәыргақәҵахо ҳаибашьцәеи, хатәгәаԥхарала иааны еибашьуази рфотосахьақәа рыла, ҳфырхацәа рхаҿсахьала ҳҿар ааӡалатәуп. Амузеи зызку агәалашәара мацара акәӡам, уи уаҵәтәи аԥсҭазаара иазкуп, ас еиԥш ахҭысқәа уаҳа иҟамларцаз. Ари ҳҿар зааӡо, ҳҳәынҭқарра еиҵызхуа акакәны сахәаԥшәуеит. Иҳәатәуп, ари аус хацзыркыз ракәны ишыҟоу Владислав Арӡынбеи, амузеи зыхьӡ аху Сергеи Дбари", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.