Арадио

Хәаԥшыхәԥҳа: Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсуаа ҳахьеилынхо иҷыдоу аҭагылазаашьа ыҟоуп

Изеиԥшроузеи арепатриантцәа Аԥсны рыԥсҭазаара, ишԥанхо дара, абри атәы адырраҭара "Когониаԥҳа лымҩаду" аҟны еиҭалҳәеит Асҭанда Хәаԥшыхәԥҳа.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ҳәашыхәԥҳа арепатриациа азҵаара иазкны

"Ҳара ҳҭаацәараҿы, ҳанииз инаркны аԥсшәа акәын иҳаҳауаз, аԥсышәала ҳцәажәоит. Сара саб урысшәала шәиацәажәаргьы еилышәкаауеит ишизымдыруа. Ҳара ҳан лыбзоуралы аԥсшәа ҳҵеит, сабгьы иҵеит. Ҳара Агәыӡера ҳанхоит, уаҟа ирацәаҩуп Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсуаа инхо, зегьы аԥсышәала ҳцәажәоит. Ҳҳаблаҿы иуҳәар ҟалоит иҷыдоу аҭагылазаашьа бзиа ыҟоуп ҳәа", — азгәалҭеит Хәаԥшыхәԥҳа.