Урыстәылатәи азенитчикцәа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Зынӡа аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык аррамаҵзурауааи 60 цыра инареиҳаны арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ рзенит-ракетатә ҟәшақәа аҳауаҽацәыхьчаратә зыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны "иақәкыз аракетақәа" ржәылара аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа "Гәдоуҭа", "Ҵабал", "Нагвалоу" рҟны.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аӷа иобиектқәа рыԥшаареи рҭархареи мҩаԥыргон аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәа рхархәарала. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа ашьха-абнаратә ҭыԥқәа рҟни амшын иахьаԥну аҭыԥқәа рҿи аррамаҵзурауаа рылшарақәа еиӷьыртәуан, аимадареи анапхгараҭареи рсистемақәа еиҿыркаауан, аԥшыхәратә усқәа нарыгӡон.

Ахархәара рыҭан азенит-ракетатә системақәа С-300, азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10", "Игла" ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Арҭ аҽазыҟаҵарақәа ҵыхәтәантәихоит Аладатәи арратә округ 2018 шықәсазы имҩаԥнаго рҟынтә. Амчыбжь ахырқәшамҭаз аруаа изхысыз аҽазыҟаҵара ахкқәа зегь рыла аԥышәарақәа арҭоит.