Арадио

Џьынџьиа: сынтәа ацитрустә аалыҵқәа рзы аамҭа бзиоуп

Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҳәеит сынтәа аҳәаа иахыгахо ацитрустә аалыҵқәа рхыԥхьаӡара акырӡа ишацло иҳаҩсыз ашықәс аасҭа.
Sputnik
Џьынџьиа: сынтәа ацитрустә аалыҵқәа рзы аамҭа бзиоуп

"Сынтәа ацитрустә аалыҵқәа рзы аҽаҩра беиа ҳазыԥшуп. Ҵыԥх аасҭа ҩынтә-хынтә еиҳахап ҳәа сгәы иаанагоит. Уи зегьы зхароу амармалташьтә пты ауп ҳазҳәом, аха иҳаҩсыз ашықәс азы акырӡа имаҷын аҳәаа иахыгаз. Амандариана сынтәа иаҳа заа иҟалеит, ишьақәгылаз аԥхаррақәа ирыбзоураны, анаҩсгьы убас аԥсабара аҭагылазаашьа анхаҩцәа рзы иманшәалахап ҳәа сгәыӷуеит", — азгәеиҭеит Џьынџьиа.