Арадио

Кәаӡба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла аԥсуаа аҭацааагара иацу аҵасқәа ртәы

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ачара шыруа, насгьы ишԥарықәныҟои аҭаацагара иадҳәало аҵасқәа абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит ақыҭа Чақаллык аиҳабыс иҟоу Џьашькәан Кәаӡба.
Sputnik
Кәаӡба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла аԥсуаа аҭацааагара иацу аҵасқәа ртәы

"Ажәытәан ачарақәа иаҳа ибзиан еиҿкаҳкаауан, аиҭанеиааира ыҟан, ҩымш-хымш ачар ааауан. Уажәы мышкоуп ачара ныҟоу. Шьыжьымҭан аҭаацагара ицоит аиҳабы, аҭыԥҳацәеи ахаҵарԥыси еиманы х-уардынк ԥшь-уардынк ала. Уа иахьнеиуагьы лафк, жәабжьқәак ааибыҳаны аҭаца дрырҭоит. Анаҩс ауардын дақәыртәына данааргалак, аиҳабацәа ҳааидгылан "Редеда" ҳҳәоит. Нас ауп лҭацаҩызеи лареи аҩнаҭахьы даннарго, нас асасцәа акрырҿарҵоит, икәашоит", — ҳәа азгәеиҭеит Кәаӡба.