Арадио

Кәарацхьелиаԥҳа: сусура иабзоураны Ҭҟәарчал бзиа избеит

Аԥсабара иамоу амалқәа иреиуоу адоломит ҳәа изышьҭоу ахаҳә, Тҟәарчал араионаҿ аҭгара рҽазыркырц ргәы иҭоуп, аха уи азы иаҭахуп афинанстә цхыраара, абри атәы лҳәеит Ҭҟәарчал иҟаз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа.
Sputnik
Кәарацхьелиаԥҳа: сусура иабзоураны Ҭҟәарчал бзиа избеит

"Адоломит аҭгара зҭаху Ҭҟәарчалаа роуп, уа ирацәам аусурҭатә ҭыпқәа, иҟоу рыҩнаҭақәа кажьны џьаргьы ицарц рҭахӡам. Аха иҟоу афинанстә уадаҩрақәа ирнаҭом алшара, уи рҽазыркырц, амаругақәа рыла ишахәҭоу еиқәшәам. Иара аинвестор изыԥшуп, ргәы иҭоу аус рҽазыркырцаз. Иара ахаҳә агәаҭаразы, ахаҭабзиара аилкааразы, Москваҟа ирышьҭит, уи еилкаахеит адоломит аилазаара шыбзиоу, ачҳара ду шамоу", — ҳәа азгәалҭеит Кәарацхьелиаԥҳа.