Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Логәуа аҭацаагара иазку ажәытә ҵасқәа иазкны
© Sputnik
"Аҭаацәараҿы иҟазароуп аҳаҭыр еиқәҵара, дара еибагаз рыҩныҵҟа, нас аҭаацәара наҟ-ааҟ. Ҳара иахьа зегьы ҳармареит. Ҭырқәтәыла арҭ аҵасқәа зегьы бзианы еиқәырханы ирымоуп. Ҳара ара ацивилизациа ҳҽаҳҭацәеит. Уи ахдырра акаҳара ауп иаанагоу, ацивилизациа акәымкәа. Аҭаца амшра лыцзароуп, уи азоуп аихацгьы дзыҵырхуа. Аихац даныҵухлак хьаԥш-ҵаԥш лымазар, уи "лышьҭахь инхаат — арахь иҩнамлааит" ҳәа ауп иаанагоз, амшьҭа азоуп изыҟарҵоз. Аҭаца акәакь ахаҿа ауп дахьыкҿадыргылоз, уигьы аҵакы амоуп. Сара избахьан аиҳабы иҟама аԥынҵала аҭаҵа лкасы данҩахоз, убысҟак иҳаракын аҭаца лыцқьара лдоуҳа, лымч аиқәырхаразы", — ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.