Аахыҵ Уаԥстәыла ԥшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа ааныркылеит

Адин амаҵзуҩцәа ақырҭуа ган ирыҭан закәаншьаҭада аҳәаа иахьахысыз азы административтә ҭакԥхықәра рыдымҵаӡакәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22— Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа Ленингортәи араион ақыҭақәаБалати Ахмадзи ирцәыхарамкәа ԥшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа ааныркылеит. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа – Гурам Лобджаниӡеи Джозеф Тетелошвилии адин иамаҵзуҩцәоуп ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

"Лобджаниӡеи Тетелошвилии адин иахьамаҵзуҩцәо инамаданы ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа аӡбра рыдыркылеит ақырҭуа ган иарҭарц аштрафтә санкциақәа рықәымҵакәа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Оками ақыҭауаа Георги Шаманаурии Иасон Шукакиӡеи рганахь ала аусҭҵаара мҩаԥысуеит.