Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа разыҟаҵара агәаҭаразы иаалырҟьан иргылан

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа иаалырҟьаны иргылан, имҩаԥысуан аруаа ииасуа ашықәс аҩныҵҟа ироуз адыррақәа. Урҭ арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны иаалырҟьаны иргылан разыҟаҵара агәаҭаразы. Дара арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аацҳарақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база иаалырҟьаны иргылан. Агәаҭарақәа мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, аруаа иаарласӡаны рнап ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа. Ауснагӡатә мҩаԥысуан аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи"", ҳәа иҳәоит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Аполигонқәа рҿы аруаа иаадырԥшыроуп агранатаршәгақәа РПГ-7, автоматқәа АК-74, акәылӡтәы машьынақәа БТР-82АМ, аминаршәгақәа, агаубицақәа Д-30 рхы ишадырхәо.

Апресс-маҵзура аинформациала ауснагӡатә иалахәын ҩ-нызқьҩык инареиҳаны амотохысыҩцәа, хәышә инареиҳаны атехника ҷыда: абронетранспортиорқәа БТР-82А, акәылӡтәы машьынақәа "КамазМустанг" иара убасгьы атанкқәа Т-72Б3, "Тигр".