Арадио

Џьопуа: Бзыԥтәи аҩхааҟны ахсаала ианымыз аҵангәара ҳаԥшааит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауниверситет астудентцәа злахәыз атәыла аҿацәҭҵаара апрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны Бзыԥтәи аҩхааҟны уи аԥхьа ирԥыхьамшәацыз аҵангәара шырбаз.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьапуа ҿыцны аҵангәара шыԥшааз иазкны

"Археолог ишьапы дныҟәнагоит, аха ацәалашәарагьы имазароуп. Ибзианы еиҿкаан астудентцәа практика ҳасабала излахәыз аекспедициа аҩада Кәыџба иашҭахь ихаҳгалеит. Сурам Сақаниа ииԥшаахьаз уи аҭыԥаҟны адольмен ҳашьҭалан ҳашнеиуаз, маҷк ҳаамҩахҟьан, адәы сшықәыԥшуаз сылаԥш нарықәшәеит аҵангәарақәа. Урҭ арахә ашьха ианкарцоз аԥсуаа нхарҭас ирымаз, рырахә ахьҭаркоз уҳәа аҭыԥқәа роуп. Аӡиа Мзы ахықәаҿы аамҭак азы ажрақәа мҩаԥызгон, уаҟа қалақьк шьҭоушәа 70 инарзынаԥшуа еиҿаԥшьны аргыларақәа ыҟоуп. Аԥсны иԥшаау аҵангәарақәа рзы ахсаалақәа ыҟоуп, уаҟа ари аҵангәара ыҟамызт, ҿыцны иԥшаауп", — иҳәеит Џьопуа.