Ҳашыг: ахәмаррақәа иаҳдырбоит аԥсуа шьапылампыл аҭагылазаашьа шҽеим
© Sputnik
"Ахәмаррақәа шымҩаԥысуа атәы уалацәажәозар, иубаратәы иҟоуп аԥсуа шьапылампыл аҭагылазаашьа даара ишҽеим. Иҟоуп "Нарҭ", егьырҭ акомандақәа шыхәмаруаз акәзар уи иацлабыртә иҟам. Убри зыҟалаз шықәсыла еиқәылоз ауадаҩрақәа роуп изхароу ҳәа агәаанагара сымоуп. Иара убас сынтәа даҽа уадаҩрак ҟалеит, уи аԥхьа ахаан иҟамыз ачемпионат мҩаԥысуа мамзар иҟамло ҳәа. Жәашықәса раԥхьа ари аҩыза ҟамлацызт сынтәа аԥарагьы ашәҵатәгьы шыҟамыз еиԥш", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Жьҭаара 24 рзы ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа афинал ҟалоит. Еиԥылоит Аҟәатәи "Нарҭи" Гагратәи акомандеи.