"Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа аилатәарақәа руак аҟны иазгәаҭан Аиааира амш 25 шықәса ахыҵразы агерб, ма емблемак ҟаҳҵарц, иара убас амарш аԥҵазарц. Агерб аҵак беиа змоу цәырҳгеит, бжьымзҟа ҵуеит шьҭа. Уи ашьҭахь ҳаҳәшьа, аԥсуара бзиа избо адыга ҭыԥҳа Гиульџьан Алҭан илаҳҳәеит амарш ҳзанылҵарц. Ажәақәеи амузыкеи лара лоуп иаԥызҵаз, лхаҭа иагьыналыгӡеит ашәа. Иара убас аклипгьы ҭаҳхыр ҳҭаххеит, ишыжәдыруа еиԥш, Ҭырқәтәыла арежиссиорцәа ҟазацәа аԥсуаа рганахьала иҟоуп. Аклип аҭыхра хҳаркәшеит, уажәы аус адырулоит. Аклип хҳаркәшар ҳҭахуп Аԥсны. Ашәа назыгӡо аҳәыҳә ажәҩан ахь илырԥыруеит, уи аҳәыҳә Аԥснынӡа инаӡеит ҳәа аклип хҳәаркәшар ҳҭахуп", — иҳәеит Аҟәысба.