АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Америка аҳаиртә мчрақәа рҳаирплан RC-135V аԥшыхәра мҩаԥнагеит Урыстәыла аладатәи акалҭ аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Амшын Еиқәа аҵакыра иахыԥраауаз аԥшыхәратә ҳаирплан Аԥсныи Урыстәылеи рҵакырадгьыл аҳәаақәа ирхымсит.
Аҳаирплан арадиолокациатә лшарақәа иалдыршоит асеиԥштәи абжьанакыра аҟынтәи аԥшыхәра амҩаԥгара, аинформациагьы аизгара.
Аҳаирплан адгьылбжьаха Крит аҟны иҟоу арратә база Суда-беи аҟынтәи ишьҭыԥрааит ҳәа адыррақәа ыҟоуп.