АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ажәалагала ҟаҵан амҩатә машәыр аҭыԥ ааныжьны ибналаз амашьына аԥсҟы зкыз ауаа, арыжәтә ыжәны иҟаз реиԥш ахара рыдлаларц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ "Известия" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Ашьаустә закәанеидкылеи административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкылеи рыриашарақәа инарықәыршәаны, амҩатә машәыр аҭыԥ ааныжьны ибналаз амашьына аԥсҟы зкыз ауаа арыжәтә ыжәны иҟаз реиԥш ахара рыдлалоит, аҭакԥхықәрагьы иаҵагылоит.
Ауаа ааха рызҭаз амҩатә машәыр зымпыҵҟьаз амашьына аԥсҟы зку ԥшьышықәса рҟынӡа аҭакра рықәшәар алшоит, амҩатә машәыр иахҟьаны ауаа ҭахазар – ԥшьышықәса инаркны 9 шықәса рҟынӡа рықәҵахар ауеит.
Иахьазы азакәан ишаҳәо ала, амҩатә машәыр зымпыҵҟьаз амашьына аԥсҟы зку дыбналазар, ҩышықәса рҟынӡа аҭакра иқәырҵоит, амҩатә машәыр аҟны ауаа ҭахазар – хышықәса инаркны быжьшықәса рҟынӡа рықәырҵоит.