Амҩатә машәыр аҭыԥ аанзыжьуа арныҟәцаҩцәа арыжәтә зжәыз реиԥш ахара рыдлалоит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнспектор Специального батальона ГИБДД
Инспектор Специального батальона ГИБДД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азакәан апроект ҿыц уаанӡа аус зуаз азакәанԥҵараҿ аҭыԥ змаз агхақәа ханарҭәаауеит.

АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ажәалагала ҟаҵан амҩатә машәыр аҭыԥ ааныжьны ибналаз амашьына аԥсҟы зкыз ауаа, арыжәтә ыжәны иҟаз реиԥш ахара рыдлаларц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ "Известия" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Авария - Sputnik Аҧсны
Аусҭҵааҩцәа Гәдоуҭа амҩатә машәыр шыҟалаз аҭагылазаашьақәа ҭырҵаауеит

Ашьаустә закәанеидкылеи административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкылеи рыриашарақәа инарықәыршәаны, амҩатә машәыр аҭыԥ ааныжьны ибналаз амашьына аԥсҟы зкыз ауаа арыжәтә ыжәны иҟаз реиԥш ахара рыдлалоит, аҭакԥхықәрагьы иаҵагылоит.

Ауаа ааха рызҭаз амҩатә машәыр зымпыҵҟьаз амашьына аԥсҟы зку ԥшьышықәса рҟынӡа аҭакра рықәшәар алшоит, амҩатә машәыр иахҟьаны ауаа ҭахазар – ԥшьышықәса инаркны 9 шықәса рҟынӡа рықәҵахар ауеит.

Иахьазы азакәан ишаҳәо ала, амҩатә машәыр зымпыҵҟьаз амашьына аԥсҟы зку дыбналазар, ҩышықәса рҟынӡа аҭакра иқәырҵоит, амҩатә машәыр аҟны ауаа ҭахазар – хышықәса инаркны быжьшықәса рҟынӡа рықәырҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0