Арадио

Ҳашыгԥҳа: аԥышәарақәа хәарҭа духеит ахатәы бызшәа аҵараҟны

Ҳаамҭазы ахыҷқәеи рҭаацәеи иаҳа азҿлымҳара аадырԥшуеит ахатәы бызшәа аҵараҟны ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аҟны Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Гәында Ҳашыгԥҳа. Жьҭаара 27 аԥсуа бызшәа иамшуп.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Ҳашыгԥҳа аԥсуа бызшәа ашкол аҟны аҵара иазкны

"Аҭаацәагьы арҵаҩцәагьы аԥсуа бызшәа разнеишьа уажәы иаҳа еиӷьуп. Иаҳа рхы адцаланы ирҵоит, ахәыҷқәа азҿлымҳауп, аха ржәар маҷуп. Ргәы иҭоу ҽеишәа ирзыҳәаӡом. Ҳапрограмма шыҟоу ала, аусураҟны ауадаҩрақәа ҳазцәырҵуеит ржәар амаҷра иахҟьаны. Егьыс ахәыҷқәа иаҳа рҽадцаланы ирҵоит рхатәы бызшәа. Иара убасгьы аҵаҩцәа ирыхәеит есышықәса аԥсуа бызшәазы аԥышәарақәа ахьырҭиуа. Арҵаҩцәа ҳзы уи иаҳа аџьбаа адзаргьы, аҵаҩцәа рзы ихәарҭа духеит", — ҳәа азгәалҭеит Ҳашыгԥҳа.