АҞӘА, жьҭаара 23— Sputnik. Сан-Франциско иаадыртуа конференциа Samsung Developer Conference аҿы, абҵара 7 рзы иӡырнагар ҟалоит раԥхьатәи зекран таруа, еикәаԥсо асмартфон Samsung.
Абри атәы аанацҳауеит Planet Today.
Афорум ахь ааԥхьара зҭаз усеиԥш ҟалар шалшо азы агәҽанҵара рырҭеит. Samsung ахаҭарнакцәа уаанӡагь ирҳәахьан адеваис 2018 шықәса абҵарамзазы аӡыргара мҩаԥнагар алшоит ҳәа.
Samsung ахаҭарнак Ди Джеи Кох еикәаԥсо асмартфон ҿыц аганахь ала имҩаԥгаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны иҟоу адыррақәа рыла ахархәареи азыҳәареи аиураны иазыԥшуп.