iPhone ҿыц агәаҭарақәа ирхымсит

© REUTERS / STEPHEN LAMiPhone X
iPhone X - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
iPhone XS; XS Max официалла рыҭира Урыстәыла ихацыркхоит цәыббра 28 рзы. iPhone ҿыцқәа Москва раахәаразы иара аҭира хәымш шагу агәаранқәа еиҿыркаауа иалагеит.

АҞӘА, цәыббра 25— Sputnik. Иара убри аан ателефонқәа iPhone Xs; Xs Max иахәҭоу аӷәӷәара шрымам аанарԥшит аилахәыра SquareTrade YouTube аҿы идәықәнаҵаз авидеоролик. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Атестқәа руак аҿы асмортфонқәа рыҩбагь 182 сантиметр аҳаракыраҟынтәи икарыжьуан. Зны ганкахьала, аҽазных – егьи аганахь ала. iPhone Xs; Xs Max аахақәа роуит. Xs асаркьа ԥҽит ихәаш-хәашаны, Xs Max ашьшьарақәа аиуит.

Аҟазауаа ражәақәа рыла асмартфон иахәҭоу аӷәӷәара амам.

Аресурс Reddit аҭааҩцәа иазгәарҭахьан iPhone XS аекрангьы аԥаршеирақәа амоуп ҳәа.

Америкатәи аилахәыра Apple цәыббра 12 рзы асмартфонқәа хԥа — iPhone Xs, iPhone Xs Max и iPhone X ӡырнагеитr. iPhone Xs ахәԥса алагоит 87,990 мааҭ рҟынтәи, iPhone Xs Max — 96,990 мааҭ рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0