Арадио

Аҩӡба: ахраҿа агаразы афиналтә хәмарра ашьапылампыл абзиабаҩцәа ныҳәак ирзаҩызахеит

Аԥсны ашьапылампыл Ахраҿа агаразы афиналтә хәмарра хыркәшахеит, уи шымҩаԥысыз атәы арадио Sputnik Аԥсны ахәмарра шаанҵәазҵәҟьа иазеиҭеиҳәеит акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Sputnik

"Афиналтә хәмарра еизнагеит хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа, ирацәаҩуп Гагрантәи иааз асасцәагьы. Ашьапылампылтә експертцәа излазгәарҭоз ала, иахьатәи ахәмарраҿы Аҟәатәи "Нарҭ" иаҳа аԥыжәара аман, аха ахәмарра ианалага инаркны Гагра ашьапылампыл асыҩцәа Нарҭаа ус баша имарианы Ахраҿы шрырымҭо атәы еилкаахеит.  Актәи азбажа "Гагра" 2:0 ҳәа ихдыркәшеит, аҩбатәи азбжазы "Нарҭ" иалшеит акәаталақәа реиҟаратәра. Иацҵаз аамҭазы акомандақәа рҟнытә аиааира згаз аилкаара залмыршахеит.Жәеиза метр рҟынтәи ампыл аҭаршәраҿы Гаграа иаҳа ирықәҿеит", — иҳәеит Аҩӡба.