Арадио

Багаҭелиа самбо азы Ачемпионат иазкны: араӡны медал сымамызт, уигьы соуит

Самбо азы аветеранцәа рыбжьара Марокко имҩаԥысуаз Ачемпионат аҿы аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз Борис Багаҭелиа арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицоз аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ачемпионат аҿы аԥхьахәтә ҭыԥ агара шыҟалаз атәы.
Sputnik

"Афинал ахь снеиаанӡа иҟаз ақәԥарақәа сымчқәа рацәаны ирықәсырӡит. Саиааиртә сыҟан уи иашала, сзықәԥоз аӡәырҩы раҵкыс дкәадан, аха саргьы акы сзымхеит.  Ҩынтә Адунеи аҿы уанаиааилак ашьҭахь аҵахара уҭаххаӡом. Ҩынтәгьы аџьазтә медалқәа згахьан, нас ҩынтә ахьтәы медалқәа, исымгацыз араӡны акәын. Санцозгьы сгәы иааҭашәеит сзымаиааиргьы ма арӡны згап ҳәа, сазымхәыцыр еиӷьымзи", — ҳәа азгәеиҭеит длафуа Багаҭелиа.

Иаҳа инарҭбаау ажәабжь шәазыӡырҩы аудио аҿы.