Иапониа аԥыза-министр: Урыстәылеи ҳареи ҳаԥхьаҟа "аамҭа ҿыцқәа" ҳзыԥшуп

Владимир Путин Мрагыларатәи аекономикатә форум амҩаԥысраан ажәадгала ҟаиҵеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа Токиои Москвеи аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 24 — Sputnik. Иапониа аԥыза-министр Синдзо Абе апарламент рҿаԥхьа ипрограмматә ажәахә аныҟаиҵоз иҳәеит Урыстәылеи ҳареи ҳаԥхьаҟа "аамҭа ҿыцқәа" ҳзыԥшуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла ахадеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа ҵаҵӷәыс иганы аҵакырадгьылтә проблема ӡбаны аҭынчраз аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩуеит", — иҳәеит иара.

Абе иазиԥхьаӡоит атәылақәа рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра аҟамзаара иашам ҳәа.

Путин Иапониа аԥыза-министр иабжьигеит аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц

Абе иазгәеиҭеит, иахьазы атәылақәа русеицура шымҩаԥысуа Владимир Путин 2016 шықәса рзы Нагато иҟазаараан рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Ҩышықәса ирықәуп Иапониа иахатәны изхәаԥшуа адгьылбжьахақәа: Кунашир, Итуруп, Шикотан, Хабомаи уаанӡатәи руааԥсыра рабацәеи рабдуцәеи рҳаҭгәынқәа рықәлараз алшара рымоижьҭеи", — иҳәеит иара.

Иапониеи Урыстәылеи реинырра аршәытоит аҭынчраз аиқәшаҳаҭра аҟамзаара.

Иапониа адгьылбжьахақәа Кунашир, Шикотан, Итуруп, Хабомаи иара иатәны иаԥхьаӡоит. Иапониа урҭ рырхынҳәра ихадоу акәны иаԥхьаӡоит Урыстәылеи иареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.

Иапониа атәылауаа Урыстәылеи дареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра иадгылам

1956 шықәса рзы Асовет Еидгылеи Иапониеи рнапы аҵарҩит Аицдекларациа. Уаҟа Москва ақәшаҳаҭхеит адгьылбжьахақәа Хабомаии Шикотани Иапониа аҭара азҵаара ахәаԥшра. Иара убри аан Кунашири Итурупи рыӡбахә иалацәажәамызт. СССР агәаанагарала, абри адокумент аимак еилнаргар акәын. Иапониа акәзар, адокумент апроблема аӡбара иахәҭакны иахәаԥшуан.

Москва апозициа иахыҵхырҭан иҟоу Аладатәи Курилақәа Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь СССР иахьалаҵази уи азы ажәларбжьаратә-зинтә ҵаҵӷәы амазаара агәыҩбара ахьааннамыжьуеи роуп.