Иапониа атәылауаа Урыстәылеи дареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра иадгылам

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото Токио
Архивное фото Токио - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамзазы Мрагыларахаратәи аекономикатә форум аҿы Путин ажәадгала ҟаиҵеит Урыстәылеи Иапониеи аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц, иарбанызаалак аҭагылазаашьацҵақәа ирыхьмырԥшыкәа.

АҞӘА, цәыббра 24— Sputnik. 75 процент рҟынӡа иапониаа аҭагылазаашьацҵақәа ирыхьмырԥшыкәа Урыстәылеи Иапониеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара мап ацәыркуеит. Уи ус шакәу еилкаахеит агазеҭ "Иомиури" аҟны икьыԥхьу азҵаараҭҵаарақәа реихшьаалала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Рабочая поездка президента РФ В. Путина в Дальневосточный федеральный округ. День третий - Sputnik Аҧсны
Путин Иапониа аԥыза-министр иабжьигеит аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц

Иапониаа реиҳараҩык аԥхьа аҵакыратә еимак аҭыԥ иқәҵатәуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит. Владимир Путин иидеиа иадгыло 14 процент роуп иҟоу изызҵаауаз рҟынтәи.

Агазеҭ "Никкэй" ахатә ҭҵаара мҩаԥнагеит. Аҭҵаарақәа реихшьаалала иапониаа ҩба/ахԥатәи рхыԥхьаӡара аҵакырадгьыл азҵаара аӡбра иадгылоит, 19 процент аԥхьа аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩтәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аҽа ф-процентк аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра зынӡагьы иаҭахым ҳәа иршьоит.

Иапониеи Урыстәылеи реинырра аршәытоит аҭынчраз аиқәшаҳаҭра аҟамзаара.

Иапониа адгьылбжьахақәа Кунашир, Шикотан, Итуруп, Хабомаи иара иатәны иаԥхьаӡоит. Иапониа урҭ рырхынҳәра ихадоу акәны иаԥхьаӡоит Урыстәылеи иареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.

1956 шықәса рзы Асовет Еидгылеи Иапониеи рнапы аҵарҩит Аицдекларациа. Уаҟа Москва ақәшаҳаҭхеит адгьылбжьахақәа Хабомаии Шикотани Иапониа аҭара азҵаара ахәаԥшра. Иара убри аан Кунашири Итурупи рыӡбахә иалацәажәамызт. СССР агәаанагарала, абри адокумент аимак еилнаргар акәын. Иапониа акәзар, адокумент апроблема аӡбра иахәҭакны иахәаԥшуан.

Москва апозициа иахыҵхырҭан иҟоу аладатәи Курилқәа Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь СССР иахьалаҵази уи азы ажәларбжьаратә-зинтә ҵаҵӷәы амазаара агәыҩбара ахьааннамыжьуеи роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0