Аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы ареферендум мҩаԥысраны иҟоуп

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, жьҭаара 25 рзы. Аилатәараҿ иалацәажәон ареферендум амҩаԥгара азҵаара.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 25– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿ адепутатцәа рыбжьы рҭиит аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы арефередум мҩаԥысрацы.

Абри аԥшьгара алеигалеит адепутат Дмитри Маршьан. Иара иазгәеиҭеит ҩбаҟа шықәса раԥхьа абри азҵаара аганахь ала атәыла апарламент адепутатцәеи рахь ашәҟәқәа шынашьҭыз.

"Уа иалацәажәан аҳҭнықалақь ахада иалхрақәа мҩаԥгазарц шаҳҭаху, ахаланапхгараҭаратә орган адепутатцәа рзинмчра арҭбаара азҵаара уҳәа акыр", — иҳәеит иара.

Маршьаниа иажәақәа рыла ареферендум аҿы иқәыргылахоит зҵаарак: "Аҟәа ақалақь ахада иааиԥмырҟьаӡакәа Аҟәа инхо атәылауаа ргәаҳәарала иалхра шәақәшаҳаҭума?" ҳәа. Ареферендум аихшьаалақәа бжьагарак аҳасаб аҟазшьа роуеит иҳәеит иара. Маршьаниа игәаанагарала хәымз азхоит ареферендум амҩаԥгара аиҿкааразы.

"Аҟәа ахадара рнапы ианҵатәуп хәымз ирылагӡаны абри азҵаарала ареферендум мҩаԥыргарц. Аусурақәа мҩаԥгатәуп", — иҳәеит ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа.

Адепутатцәа еицҿакрыла иазааиит ареферендум амҩаԥгара арыцхә – 2019 шықәса хәажәкыра 10. Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит иаԥшьгара аҳҭнықалақь ауааԥсыра ишыргәаҳәароу.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа 18-ҩык рҟынтәи 16-ҩык ареферендум амҩаԥгара иадгылеит.

Иахьазы ақалақь ахада атәыла ахада иоуп далызхуа.