Аԥсны иҟоу урыстәылатәи атанкистцәа разыҟаҵашьа гәарҭон Адыгатәыла

Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа Адыгатәылатәи аполигонқәа руак аҿы аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа рхыркәша-гәаҭарақәа ирылахәын.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи атанкистцәа ҳаамҭазтәи атанкқәа рыла Адыгатәыла иҟоу аполигон "Майкоп" разыҟаҵара аҩаӡара агәаҭара мҩаԥыргеит ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ақыҭақәа "адесант аҟынтә рхы иақәиҭыртәит"

"Аԥышәарақәа раан аррамаҵзурауаа атанктә дуель аметод рхы иархәаны аибашьра амҩаԥгашьазы рылшарақәа адырԥшуан, атанкқәа Т-72Б3 ала еиҭаҵуаз ацәҟьарақәа ириехсуан, акәылӡтәы машьына иақәгылаз апулемет "Корд" ала аҳауатә цәҟьарақәа ириехсуан", — ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Ацәҟьарақәа рҟынӡа бжьаратәла х-километрак бжьан. Ацәҟьарақәа ракәзар ианубарҭаз 60 секунд заҵәык роуп. "Адуель" алахәылацәа "аӷа" итанк ҭарыԥшыхәроуп, икылкааны аихсрагьы алдыршароуп. Аекипаж иҟарҵо зегьы азы анапхгаҩы адырра ирҭоит, уи ахәшьара аиҭарц азы.

Уи адагьы аекипаж аҭагылазаашьа аибашьратә ҭагылазаашьаҵәҟьа акыр иазааигәатәны атехника ахархәара арҭоит, иалыркаауеит еиҳа иманшәалоу ахысырҭатә ҭыԥқәа, Т-72Б3 ала еиҭаҵуеи еиҭамҵуеи ацәҟьарақәа иреихсуеит.

Ауснагӡатә иалахәын 4 000-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауааи 500 ак арратә техникеи.