Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ақыҭақәа "адесант аҟынтә рхы иақәиҭыртәит"

© Фото : Пресс-служба ЮВОВоеннослужащие ЮВО оперативно переброшены в горные районы Абхазии
Военнослужащие ЮВО оперативно переброшены в горные районы Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 1,5 нызқьҩык аррамаҵзурауааи 400 ак рҟынӡа арратә техникеи.

АҞӘА, жьҭаара 24— Sputnik. Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ абатальонқәа атематикатә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны ақыҭақәа "аӷа идесант рҟынтәи рхы иақәиҭыртәит" ҳәа аанацҳауеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи" рҟны.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит.

Тактические учения с подразделениями соединения специального назначения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа ашьхараҟа ииагоуп аихшьаалатә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.

"Амотохысратә ҟәшақәа ркомандирцәа иаадырԥшит аибашьра амҩаԥгаразы ирымоу аԥышәа, атанктә, артиллериатә, анџьныр-сапиортә ҟәшақәа реинырра амҩаԥгашьа. Убри аан ахархәара рыҭан ацифратә еимадареи анавигациеи рзы ахархәага "Грот-М", "Стрелец", "Барьер-Т", – иҳәеит апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Азыҟаҵаратә усмҩаҧгатә 1500-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауааи 400 цыра инарзынаҧшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техника: акәылӡы транспортиорқәа БТР-82 АМ, акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ, "Мустанг", "Тигр", артиллериатә гаубицақәа "Акация" адыҧхьалан.

Ажәабжьқәа зегьы
0