Арадио

Аҩӡба: Приморск ҭаацәарақәак зыҩноу аҩнқәа ишеилабгара иҟоуп

Шықәсык инеиҳаны ҵуеит Приморск ақыҭан иҟаз аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа рҭыԥ ақәҵара иаҿуижьҭеи, иахьагьы ихыркәшам усҟан иԥгаз аҩнқәа рыргыларазы аусурақәа. Приморск иҟоу аҭагылазаашьа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Бадраҟ Аҩӡба.
Sputnik
Аҩӡба: Приморск ҭаацәарақәак зыҩноу аҩнқәа ишеилабгара иҟоуп

"Жәеиза ҩны рҟынтә ҩба даара рҭагылазаашьа ҽеим. Изыхҟьо аҳәара уадаҩуп. Џьара анхара анҵыра азы зегьы еиқәыршәаны иҟоуп, егьи аҿы аарла шәыr- ԥенџьырк нҿарҵеит ауп, адәахьала иршәит. Иҟоуп ҭаацәарак рыҩны ааха ӷәӷәа аиуит, иара рықәымҳарц азы уадак ҵаҟа иаалырхын аихатәы ҵаргәақәа ҟарҵеит. Ҵыԥх аӡын ҳаныҟаз ирҳәон Ашықәс ҿыц аиаанӡа зегьы рыҩнқәа ишрыҩнало атәы, излаабаз ала сынтәатәи аӡынгьы изахьӡом аусурақәа рхыркәшара", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.