Ҷкотуаԥҳа: дарбанзаалак илшоит иқалақь иара изыманшәалахартә еиԥш аҟаҵара
© Sputnik
"Ауаа рнапала аԥсахрақәа рыҟаҵара мариаӡоуп, убри ҳаилиркаарц иҭахын ҳнапхгаҩыгьы. Амҩа аҳәынҭқарра ианаҳзыҟарҵо ҳәа ҳаԥшыр, ҳҵәыуа ҳтәазаауеит. Гәдоуҭа иаҳҳәап, ауааԥсыра рнапала аԥшаҳәахьы уназго амҩа ҟарҵеит. Ԥшьымш ицоз афорум ашьҭахь, ауаа идеилҳаркааит стратегиас иҳамоу", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.