Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьинџьиа абызшәа иацу ауадаҩра иазкны
© Sputnik
"Аҩнаҭаҿы аб ма ан, руаӡәы ахәыҷы ԥсышәала дицәажәозароуп, усҟан уи убысҟак дхьысҳан ашкол ахь днеиӡом, аха ицәажәаӡом. Абызшәа ахәыҷы иҵароуп аҩны, аҭаацәа рҿы, уаҳа ԥсыхәагьы ыҟаӡам, мамзаргьы уажәшьҭа ашкол ахь ишьапы анеихыига, иурыс бызшәа нышьҭаҵаны, аԥсышәала далагароуп ацәажәара", —ҳәа азгәалҭеит Џьинџьиаԥҳа.