Арадио

Ԥлиаԥҳа: ажәлар еицҿакны иалырхуа аус ицура иаҳа иманшәалахоит

Аҟәа ақалакьтә еизара имҩаԥнагеит аилатәара ақалакь ахада иалхраз алшара рыҭазарц ауаапсыра рхаҭакәа, уи шьақәырӷәгәазарц ареферендум амҩаԥгарала. Адепутатцәа ирыдыркылаз ақәҵара ахҳәаа азыҟалҵеит Зураб Ачба ихьӡ зху аҵаратә центр "Ақәымчра змам адунеи "аиҳабы, ААУ аполитогиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа.
Sputnik
Ԥлиаԥҳа: ажәлар еицҿакны иалырхуа аус ицура иаҳа иманшәалахоит

"Араионқәеи ақалақьқәеи рҟны абас ажәлар ирҭаху далырхуа иҟалар, зыгәра ргаз дырхагылар, аманшәаларахь икылган аусура залыршахар, сгәы иаанагоит уи бзиахап ҳәа. Абри зегьы иреиӷьуп, ҳәа аҳәара ииашам, унадсылангьы иузҳәаӡом иҟалаша, аха ажәлар еицҿакны аӡә далырхыр, аус еицураан иманшәалахоит иаҳа, хыхьынтәи абри дшәымаз ҳәа аӡә дааргар аҵкыс", — ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.