Урыстәылатәи аруаа "аснаиперцәа" ирышьҭашәарыцон

2018 шықәсазтәи аихшьаалатә гәаҭарақәа мҩаԥысуан аполигон "Ҵабал" аҿы. Ауснагӡатә иалахәын арратә база аҟәшақәа зегьы, иалархәын ҳаамҭазтәи атанкқәа Т-72Б3, акәылӡтәы машьына "Рысь" реиԥш иҟоу арратә техника.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа аснаиперцәа рҭыԥқәа рҿы игылаз аманекенцәа рехсшьа ҭырҵаауан, рышьҭашәарыцашьа рҵон ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы аполковник Вадим Астафьев.

"Аԥышәарақәа рыҭираан иазхьаԥшуан аруаа аҭыԥ арелиеф рхархәашьа, аԥшыхәратә лазерт мыруга ҷыдақәа ЛПР-3 рныҟәгашьа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәылатәи аснаиперцәа рхы иадырхәеит Драгунов ивинтовка "СВД". Ацәҟьараҟынӡа 1100 метра еиҵамкәа ибжьазар акәын. Ахысрақәа раан иныхын 1000 рҟынӡа ахқәа.