Аԥгаԥса аполис ҿыцқәа рыԥсахра иалагоит 2019 шықәса инаркны

2019 шықәса ажьырныҳәамза инаркны аԥгаԥса ҿыцқәа рыԥсахра иалагоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 26— Sputnik. Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа рыԥсахра алшоит абҵара 1 аҟынӡа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аԥгаԥсазы Московатәи ақалақьтә фонд адырра ҟанаҵоит аԥгаԥса змоу ахаҿқәа рмедицинатә еиҿкаара рыԥсахыр шауази рхаҭаратә дыррақәа аполис ҿыц аиҿкаарала рырҿыцреи шрылшо абҵара 1 аҟынӡа. Убри аан аԥгаԥсатә еилахәыра аԥсахра ҟалоит шықәсык ахь знык еиҳамкәа, аҽа регионк ахь нхараҳәа умиасуазар", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса рыҭара хацыркуп

Иаку аполис аԥҵара иалагеит Урыстәыла ахы инаркны аҵыхәанӡа еиуеиԥшымкәа иахьышьақәыргылоу азы. Азакәан ҿыц анрыдыркыла инаркни иаку аԥгаԥсатә полис анышьақәдыргыла инаркни амедицинатә цхырааразы ахәшәарақәа рсистема аусура иалагеит.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿ инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса рыҭараз рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра аратификациа арҭеит 2017 шықәса, жьҭаара 16 рзы.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аполис рыҭахоит 190 000-ҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.

Аԥгаԥса Урыстәыла иахьаҵанакуа зехьынџьара азинмчра амоуп.

Иҟаҵатәузеи Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы