Аполициа аусзуҩ аӡы зҵалаз ахәыҷбаҳча аҟынтәи 13-ҩык ахәыҷқәа еиқәирхеит

Тҟәаԥстәи араион аполициа аусзуҩ ихәыҷы игаразы ахәыҷбаҳчахь даннеи ахәыҷбаҳчаҿ аӡы ахалара иалагахьан.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 26 — Sputnik. Жьҭаара 24 рзы аполициа аусзуҩ аӡы зҵалаз ахәыҷбаҳча аҟынтәи 13-ҩык ахәыҷқәа еиқәирхеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Ирина Волк лажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵанны.

Тҟәаԥстәи араион аполициа аусзуҩ ихәыҷы игаразы ахәыҷбаҳчахь даннеи ахәыҷбаҳчаҿ аӡы ахалара иалагахьан. Ахәыҷбаҳча аусзуҩцәеи иареи еицхырааны ахәыҷқәа дәылганы АҶА аусзуҩцәа ирырҭон.

Иҭаҳаз ацҳа иахҟьаны Шәачаҟа аамҭала анеира залшом

"Зынӡа ахәыҷбаҳча аҟынтәи 90-ҩык ахәыҷқәа дәылган. Урҭ рҟынтәи 13-ҩык аполициа аусзуҩ иоуп идәылызгаз. Уажәы урҭ рыԥсҭазаареи ргәабзиареи шәарҭа иҭагылам", —аҳәоит адырраҭараҿы.

Шәачеи Тҟәаԥс араиони рҿы макьанагьы аҭагылазаашьа ҷыда шыҟац иҟоуп.

Жьҭаара 24-25 рзы Афедералтә трассаҿ аныҟәара аамҭала иаанкылан. Аиланхарҭа Макәаԥсы ааигәара ацҳа ҭаҳаит. Амҩа аӡырҩаш иқәнаӡәӡәааит. Арахь иаагоуп атехника, аха аӡы шьҭыҵны иахьыҟоу иахҟьаны макьаназы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылагара уадаҩуп. Ақалақь ахадара амашьына аԥсҟы зку ргәы рҽанырҵоит аамҭала амҩа иқәымлаларц.

Уи адагьы аиланхарҭатә ҭыԥқәа Марьино, Наджиго, Калеж, Лыготх рҟны амҩақәа ҭыԥ-ҭыԥла иқәыӡәӡәаауп.

Лазаревсктәи араион аҿы 30 ҵла каҳаит. Адлери Лазаревски аӡы зҵалаз аҩнқәа рацәоуп.