РУСДРАМ артистцәа Аԥсныҟа изыхнымҳәыцт

Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Адыгатәыла иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. РУСДРАМ атруппа агастрольқәа рышьҭахь Аԥсныҟа изыхынҳәуам Шәача Афедералтә трассаҿы амашьынақәа рныҟәара ахьаанкылоу иахҟьаны. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

Шәачаҟа иаауаз адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп

Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Адыгатәыла гастроль ҳасабла иҟан. Агастрольқәа хыркәшаны аҩныҟа ианаауаз иақәшәеит амшцәгьа. Магри ааигәара амашьынақәа ргылара иахҟьаны даргьы уа иаангылеит.

"Лазаревскнӡа амашьынақәа реишьҭагыла гылан. Шеспи ааигәара ацҳа аӡы иагеит. Сара дәыӷбала ҳаап ҳәа амаҵзурахьы аҭел сасит аха адәыӷбақәа рныҟәарагьы аанкылоуп", — иҳәеит Хынҭәба.

Атеатр аколлектиа Шепсиҟа ихынҳәит, асасааирҭаҿы иаангылеит. Хынҭәба ишиҳәаз ала, асасааирҭаҿы аӡы ыҟам, аха афымцалашара ыҟоуп.

Автомобилтә еимадара Тҟәаԥси Лазаревски рыбжьара еиԥҟьан аӡиас Макәаԥсы ахьхыҵыз иахҟьаны.

Амҩа аиҭашьақәыргылареи ацҳа аиҭашьақәыргылареи 48 сааҭ рыла иахьӡап ҳәа игәыӷуеит.