Шәачатәи ахырхарҭала адәыӷбақәа рныҟәара ахәҭакахьала ихацыркуп

ИАЕ "РЖД" анапхгара адҵа ҟанаҵеит Краснодари Тҟәаԥси рыбжьара адәыӷбатә еимадара уахыки-ҽнаки рыла ишьақәыргылахарц.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Аихамҩахәҭа Шепси – Водопадныи еиҭашьақәыргылоуп ҳәа адырра ҟанаҵеит РЖД апресс-маҵзура.

Аихамҩахәҭа Шепси – Водопадныи еиҭашьақәыргылоуп, амҩақәа рыҩба рҟынтәи акы ала адәыӷбақәа амҩасра иалагеит.

Ареис Москва-Аҟәа аанкылоуп адәыӷбамҩа аӡы иахьыҵнашәааз азы

"Уи иалнаршоит аихамҩахәҭа Адлер – Тҟәаԥс аҿы игылаз адәыӷбақәа рдәықәҵара. Шәачантәи апассаџьырцәа ироуеит алшара аҽа транспортк ала рымҩа иқәларц мамзаргьы адәыӷбақәа рныҟәара инагӡаны ихацыркхаанӡа асасааирҭақәа рҿы раангылара", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аихамҩахәҭа Тҟәаԥс – Кривенковскаиа аиҭашьақәыргылараз аусурақәа ирҿуп. ИАЕ "РЖД" анапхгара адҵа ҟанаҵеит Краснодари Тҟәаԥси рыбжьара адәыӷбатә еимадара уахыки-ҽнаки рыла ишьақәыргылахарц.

Абри ашьҭахь Шәачеи атәылаҿацәи реимадара нагӡахоит.

Тҟәаԥс – Адлер анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь апассаџьыртә дәыӷбақәа ԥшьба рымҩа иқәҵоуп, ақалақьнҭыҵтә фымцадәыӷба "Ласточка" аусура хацыркуп.