00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ареис Москва-Аҟәа аанкылоуп адәыӷбамҩа аӡы иахьыҵнашәааз азы

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский вокзал.
Сухумский вокзал. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адәыӷба Москва-Аҟәа аҳҭнықалақь адәыӷбаанҿасырҭаҿ иаараны иҟан жьҭаара 26 асааҭ 10:28 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареис Москва-Аҟәа аанкылоуп адәыӷбамҩа аӡы иахьыҵнашәааз азыҳәа Sputnik иазааицҳаит АУН "Аԥсныеихамҩа" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Игор Марганиа.

Наводнение в Туапсе - Sputnik Аҧсны
Шәачаҟа иаауаз адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп

"Ауаа аҭыԥ аҿы абилеҭқәа дырхынҳәыр рылшоит. Адәыӷба Москва-Аҟәа аҳҭнықалақь адәыӷбаанҿасырҭаҿ иаараны иҟан жьҭаара 26 асааҭ 10:28 рзы. Шьҭахьҟа ихынҳәыр акәын асааҭ 13:29 рзы", — иҳәеит иара.

Адәыӷба № 305 Москва-Аҟәа жьҭаара 25 рзы адәыӷбаанҿасырҭа Краснодар-2 аҟынӡа иааӡеит. Уи нахыс амҩа изацнамҵеит Тҟәаԥс иахьаҵанакуаз адәыӷбамҩа аӡы иахьықәнаӡәӡәааз иахҟьаны.

Иара убасгьы амҩахәҭа Гречески — Тҟәаԥс аҿы 200 метра рҟынӡа амҩа ҳәазеит, амҩахәҭа Гречески-Кривенковскаиа аҿы аӡы амҩа ҵнашәааит. Уажәазы иҟоу аҭагылазаашьа аԥыхразы аусурақәа ирҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0