Арадио

Шьынқәба аныхаԥааҩ Чычба изкны: аԥсуа жәлар ирацәаны дрыхәахьан

Елыр ныха ахылаԥшҩы Галтер Шьынқәба арадио Sputnik аефир аҟны зыдунеи зыԥсахыз Дыдрыпшь аныхаԥааҩ Заур Чычба дигәаларшәо иазгәеиҭеит уи ирацәаны ижәлар дышрыхәоз.
Sputnik

"Заур Чычба 30 шықәса ҵуеит абиԥарала иаарго аныхаԥааҩ иус наигӡоижьҭеи. Иара ажәлар ирацәаны дрыхәахьеит, ауаа ҿиххьеит. Аԥсынра аҟалареи аҟамлареи ианырҭагылаз, Владислав Арӡынба иаԥхьа днаргыланы, аҿаҭахьа иқәиҵеит ҳаԥсадгьыл еиқәханы инхар, ацә шқәакәа шьны агәаҵәа шасырбо ҳәа. Уи наигӡеит. Заур илшамҭақәа рацәоуп, дызмыхәыз Аԥсны аӡә дыҟоуп ҳәа сыздыруам", — иҳәеит Шьынқәба.