Арадио

Аблоҭиа: абызшәа арҿиаразы иреиҳау мчуп аекран

Акинорежисиор, Аԥсны Жәлар ратист Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҟны иазӷәеиҭеит абызшәазы еиҳау пропаганданы ишыҟоу аекран аҟынтәи ирбо, ираҳауа, уи азы хыԥхьаӡара рацәала афильмқәа реиҭагара, рҭыхра аҭахуп ҳәа.
Sputnik

"Абызшәа апропагандазы ашәҟәы уаԥхьароуп, афильмқәа ыҟазароуп. Аԥсшьарамшқәа раан ахәыҷқәа рзы шьыжьы инаркны хәлаанӡа амультфильмқәа цозароуп. Иҭҳажьуа амультфильмқәа аҳәыҷқәа цитатала ирҳәоит, аҿар рзы ари пропагандоуп аекран аҟынтәи. Абызшәазы аекран зегь раасҭа иӷәӷәоу пропагандоуп. Ҳара Аԥсны ҳтәоуп, уи ҳашьҭаӡам, иҟаҳҵо сзеилкаауам", — иҳәеит Аблоҭиа.