"Иазԥхьагәаҭаны иҳаман Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аудиториа аартреи астипендиа аԥҵареи. Аха ауниверситет аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цон, ҳахьымӡеит. Акафедраҟны ҳхы иадаҳҵеит Шьынқәба ирҿиара ақәҿызҭыз зегьы, иахьа иуԥыхьамшәо ранҵамҭақәа реизга аҭыжьра. Уи аҭыжьра ҳахьӡеит, аха иӡырҳгарц ҳаӡбеит ихьӡала ауада аартраҟны. Ус иагьыҟаҳҵеит", — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.