Арадио

Патараиаԥҳа: абызшәа аҵаразы ҳаамҭа иақәшәо азнеишьа ыҟазароуп

Апроект "Аԥсуа биуро" аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа бызшәа акурсқәа еиҿызкааз иреиуоу Анжела Патариаԥҳа арадио Sputnik аҟны аԥсуа бызша аҿиаразы лгәаанагара лҳәеит.
Sputnik

"Ҳхы иаҳархәоит аинтерактивтә методика. Есыҽнытәи ҳаԥсҭазаара аҟынтәи ахҭысқәа, аицәажәарақәа ааҳгоит. Абызшәа аҵара алфавит ала уаналаго, ауаҩы абызшәа анидыруа ауп. Иаҳҳәап, англыз, мамзар аҭырқәа бызшәа анысҵоз сҭел, скомпиутер рыгәлаҵақәа зыгьы урҭ абызшәақәа рахь ииазгон. Абызшәа аҵаразы сгәанала ҳаамҭа иақәшәо азнеишьа ыҟазароуп, иара убас ҳцәажәалароуп уи ала. Усҟан ауп алҵшәа аныҟало", — лҳәеит Патараиаԥҳа.