Џьынџьалԥҳа Шьынқәба ихьӡ зху аудиториа иазкны: ибызшәа иҩныҩуа иҟазарц ҳҭахын
© Sputnik
"Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аудиториа хәашҭаарахоит иара ирҿиара иазҿлымҳау зегьы рзы. Аӡәы адоклад ҟаиҵома, мамзаргьы адипломтә усумҭа иҩуама, мамзаргьы иара ус информациак иҭахызарагьы, зегьы уа иоуртә иҟоуп. Баграт Шьынқәба ииуа зегьы ирициуа иоуп, ирҿиарагьы иаргьы ԥсраӡра зқәым ауп. Ҳара иаҳҭахыз, иара ихьӡ зху ауада ибызшәа иҩныҩуа иҟазарц ауп", — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.