Арадио

Кәыҵниа: абызшәа арҿиараҿы амультипликациада ԥхьаҟа ҳазцом

Асахьаҭыхыҩ, аниматор Асҭамыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит амультикқәа реиԥш абызшәа иацхраауа шыҟам.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниа мультикқәа рлагала ирызкны

"Ҳара Аԥсны ахәыҷқәа аԥсышәала ицәажәартә еиԥш иага апрограмма ҟаҳҵаргьы, амультипликациада ԥхьаҟа ҳазцаӡом. Избанзар, уи ауп ахәыҷы иаҳа дызхәаԥшуа, бзиа иибо, дазымхәыцӡакәа зегьы инарҵоит. Уи сара мультипликаторк иаҳасабала акәымкәа, зегьы иазгәарҭо ауп. Ахәыҷкәа зегьы аинтернет ауп изызҿлымҳау, уимоу ателехәаԥшраҿгьы иҟаҵатәуп аканал. Сара схаҭа ашәҟәқәагьы имаҷымкәа снапы аласкхьеит, аха амультикқәа зегьы раԥхьа игылоуп, избанзар аԥсы ҭоуп. Зыԥсы ҭоу ахәыҷы иаҳа илахь иааиуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.