Аминистрцәа реилазаараҿы 2019 шықәсазтәи абиуџьет апроект рыдыркылеит

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба аҩаша, жьҭаара 30 рзы имҩаԥигеит изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәара.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30— Sputnik, Бадри Есиава. 2019 шықәсазтәи Аԥсны ареспубликатә биуџьет апроект еицҿакрыла ирыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәара иалахәыз зегьы. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит ҳкорреспондент.

Адокумент рыдигалеит афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба. Иара аилатәара иалахәыз идирдырит 2019 шықәсазтәи абиуџьет ахышәа-ҵышәа.

Иара иартәоит 9 миллиардки 675 миллиони 376 нызқь мааҭ. Иазыԥхьагәаҭоу адефицит иартәоит 143 миллион 696 нызқь мааҭ.

Ареспубликатә биуџьет ахашәалатә хәҭа иартәоит ҳәа иазыԥхьагәаҭоуп 7 миллиардки 575 миллион мааҭ. Урҭ рҟынтәи 2 миллиардки 778 нызқь мааҭ Урыстәылатәи афинанстә цхыраароуп.