Аԥсны иргәаладыршәоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз

Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Рымш. Аԥснытәи Ассоциациа адыррақәа рыла, ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ахара рыдҵан иҭархан быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Атәыла анапхгара, Апарламент адепутатцәа, арепрессиақәа ирыҵаркыз руацәеи рҭахцәеи ашәҭшьыҵәрақәа наргеит Аҟәа ақалақь  игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа ашҟа.

"Сыԥсы ҭоуп, хар сымам": салам шәҟәык аҭоурых

Арепрессиақәа ирылаӡыз иреиуоуп Варден Ԥлиа иҭаацәа. 1937 шықәса рзы дыршьит иабду, иаби иаб иашьеи Магаданҟа ихырҵеит.

"1937 шықәса рзы ҳажәлар даара аамҭа бааԥсқәа ирҭагылан. Аԥсны Асовет мчра аамҭақәа рзы аԥсуа интеллигенциа ааиҵагылеит, аха ашықәс уадаҩқәа раан урҭ зегь анырхит. Ҳажәлар рзы ари хырҵәагахеит, игеноцид иашан", — иҳәеит Ԥлиа.

1947 шықәса рзы, жәашықәса ахгара ашьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәит Варден иаб. Аха акраамҭа иԥсадгьыл аҿы дынхартә изыҟамлеит. 1949 шықәса рзы Сибраҟа дахырцеит. Аԥсныҟа Ԥлиаа рҭаацәара хынҳәит 1970 шықәса рзы.

1937 шықәса рзы арепрессиа даҵанакти Аҟәатәи ақалақьтә совет ахантәаҩы Анатоли Аҩардан. Иԥҳа Ирина Ҩарданԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны арепрессиақәа ирыҵаркит ҭаацәа-ҭаацәала.