Арадио

Дбарԥҳа: Иура Аргәын еснагь гәыҵхас иман аԥсуа диаспора

Аҵарауаҩ Сима Дбарԥҳа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара агәҭа игылаз Иура Аргәын дылгәаларшәо иазгәалҭеит уи еснагь гәыҵхас ишимаз аԥсуа диаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл радԥхьалара. Аҵарауаҩ Иура Аргәын диижьҭеи 80 шықәса ҵит иахьа.
Sputnik

"Иури Гәыдиса-иԥа инапхгарала Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәшаҟны аусура салагеит, насгьы Аҳәынҭкараатә университет Аԥсны аҭоурыхи археологиеи ркафедраҟны. Иара акыр аџьабаа рыдибалахьан астудентцәа. Аҭоурыхтә факультет аҟны еиуеиԥшым иҷыдоу акурсқәа дырзаԥхьон. Даара ибзианы амаҭәар идыруан, астудентцәагьы ргәы иаахәаны изыӡырҩуан, идирҵаз рацәоуп аҭҵаарадырра аганахьала. Акырӡа дрызгәаҟәуан, хьаас иман ҳдиаспора. Есымша иҳәон еилатәарак ҳауцыԥхьаӡа, иԥсаҟьаны адунеи иалаԥсоу ҳауаажәлар абра иааны ҳаицнымхар ӷьацара ҳауӡом ҳәа. Убасҟак иҵауланы дазхәыцуан абри азҵаара", — лҳәеит Дбарԥҳа.