Арадио

Надараиа: ақалақь ахада иалхрахь ҳаиасыр Гал ахаангьы аԥсуа дузалхӡом

Аҟәа ақалақьтә еизара аԥшьгамҭа, ақалақь ахада иалхразы алшара ауааԥсыра ирыҭазарц азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа.
Sputnik

"Ҳара аунитартә ҳәынҭқаррахь ҳаҵанакуеит. Украина унитартә ҳәынҭқарраны иаанхарцаз аибашьра ыҟоуп, иара Қырҭтәылагьы ус иаанхарцаз ауп аибашьра изалагаз. Иаҳҳәап, Аҟәа ироуит алхрақәа рзы азин, уаҵәы Гәдоуҭа ирҭаххоит, анаҩс егьырҭ араионқәагьы. Аха ари аҩыза ҳара макьана ҳазыхиам, ара жәларык акәӡам инхо. Уаҵәы аԥсшәа здыруа даҽа милаҭқ ихы ықәиргылар алшоит, усҟан милаҭла абжьыҭарахь инеиуеит. Уеизгьы иҳамоу аиқәымшәарақәагьы даҽак рыцлоит. Иаҳҳәап, Гал ахаангьы аԥсуа дзахагылаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.