"ААУ адагьы аус зуеит Аекологиатә институт аҿы. Агидрологиеи аметерологиеи рыпроцессқәа Аԥсны имҩаԥысуа ҳрыцклаԥшуеит. Ҳаҭала, ҳаҭҵаарақәа Аԥсны имҩаԥысуа аҳауа еиҭақрақәа ирызкуп, уи иахҟьаны иҟалоит аԥсабаратә цәырҵрақәагьы, иаҳҳәап иаабо еихарак аӡҳыҵрақәа, аӡысаамҭақәа. Иазгәаҭатәуп, аҳауаԥхарра акырӡа иаҳаракхеит аклиматтә норма аҟнынтәи, уи иахҟьаны ирацәахеит Аԥсны ахәаҷа-маҷақәа рцәырҵра", — ҳәа азгәалҭеит Ахсалба.