"Ахеилакқәа зегьы иҳамаз ҳахәшәқәа ааилаҵаны апальмақәа рыхәшәтәра ҳалагеит, еизаҳгаз аиҳарак гаграа ирзаҳашьҭит. Аҟәа Леон имҩаду ҳшаалгаз, ҳаиасуеит Ахақәиҭра ашҭахь. Анаҩс иааиуа ашықәс азы лаҵарамза инаркны ҩымз-хымз рахьтә знык иаҭаххоит ҿыц ахәшәтәра. Ахәшә апальма ахықәцәан абыӷьқәа реизҳарҭа ҭыԥаҿ ианҭауҭәалак нас иара иалаланы ицоит, ҵлак жәа-литрак ақәҭәатәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.